Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра Аладатәи Арратә Округ апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь иҟанаҵаз аҳәарала, Урыстәылатәи Афедерациа атәылхьчара аминистр, ар аинрал Сергеи Шоигу иӡбамҭа инақәыршәаны, акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз Аԥсны ауааԥсыра рыхәшәтәраҿы ацхыраара аҟаҵара азы Урыстәылантәи Аԥсныҟа идәықәҵахеит афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа.
Аладатәи Арратә Округ амедицинатә отриад арратә ҳақьымцәа уажәаԥхьагьы, жьҭаарамза 20, 2020 шықәса инаркны хәажәкырамза 2021 шықәсанӡа Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара иазкыз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргон. Русура аамҭа иалагӡаны, урыстәылатәи арратә ҳақьымцәа ацхыраара рырҭеит 3,7 нызықь ҩык инарзынаԥшуа ҳреспублика ауааԥсыра. Адәытә хәышәтәырҭа алабораториақәа рҿы имҩаԥган 18 нызықь инареиҳаны еиуеиԥшым аклиникатә ҭҵаарақәа, 5,3 нызықь инареиҳаны ПЦР тестқәа, 2-нызықь инареиҳаны агәышԥытә ренгенограммақәа.