Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥқәеи, иара убас ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә еиқәыршәагақәеи ихымԥадатәиу ахәшәқәеи рыла еиқәыршәоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа 50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа, арентген-кабинет ыҟоуп.
Ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ахәышәтәырҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауеиҭныԥсахлара аппаратқәа, апациентцәа рҭагылазаашьа интенсивла ахылаԥшра азы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа агәаҭара азы ахархәагақәа, уҳәа рыла еиқәыршәоуп.