Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Чечентәыла Ареспублика аҟынтә аделегациа идикылеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агәабзиарахьчара аминистр Елҳан Сулеиманови амилаҭтә политикеи, адәныҟатәи аимадарақәеи, акьыԥхьи аинформациеи рзы аминистр Аҳмед Дудаеви зхадараҿы иҟоу Чечентәыла Ареспублика аҟынтә аделегациа идикылеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Аслан Бжьаниа асасцәа аԥсшәа раҳәо, Чечентәыла Ареспублика анапхгареи ачечен жәлари иҭабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса раахыс Аԥсны иарҭо адгыларазы, апандемиа иаҿагыланы ақәԥараҟынгьы убрахь иналаҵаны.
"Агәаҟра ыҟоуп, агәаҟра аныҟоу зегьы ҳаидгылароуп. Хымԥада, ачымазара ҳаиааиуеит, агәра згоит ҳаԥхьа ахҭыс бзиақәа шаҳзыԥшу", - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Чечентәыла Ареспублика Ахада Рамзан Кадыров Аԥсныҟа иаара дшазыԥшу.
Аҳмед Дудаев Чечентәыла Ареспублика ахада Рамзан Кадыров ихьӡала аԥсуа жәлар зегьы Аԥсны Жәларбжьаратәи азхаҵара амш рыдиныҳәалеит.
«Чечентәыла Ареспублика аҟны ҳара ҭоурыхлеи культуралеи ибеиоу аԥсуа жәлар бзиа иаҳбоит, ҳаҭыр рықәаҳҵоит. Акраҵанакуеит ҳара ҳзы иҳабжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Иаҳдыруеит аԥсуа жәлар еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ахьыԥшымра амҩаҟны изыниаз ауадаҩрақәа», – иҳәеит Аҳмед Дудаев. Уи иҳәеит иара убас аԥхьаҟа Аԥсни Чечентәылеи ирыбжьоу аконструктивтә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ӷәӷәахалоит ҳәа игәы ишаанаго.
Ари аԥхьа адырра шыҟаз еиԥш, Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә Дума адепутат Адам Делимханови реиҿцәажәара иалҵшәаны Аԥсны ҳамҭас иаҭахоит еиҭа ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба, Чечентәыла агәабзиарахьчара аминистр ишааицҳауала, амашьынақәа аҳәааҟны иааихьеит, мышқәак рыла ара аҭыԥаҟны иҟалоит.
Аслан Бжьаниа иара убас далацәажәеит чечентәылантәи аҿар аԥхын Аԥсныҟа ԥсшьара рааразы алшара аиҿкаара азхәыцра, ари Аԥсни Чечентәылеи рҿар реибадырреи реиҩызареи иацхраауеит.
«Ҳазхәыцроуп ҽааны ари шеиҿаҳкааша. Ҳхәыҷқәа еибабалааит, еиҿцаалааит, избанзар ҳара ҳакра, ҳаиҩызара, ҳаиашьарала ҳгәы дууп», – иҳәеит Бжьаниа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз уи иалахәыз агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.