Аҟәа. Цәыббрамза 22, 2021. Аԥсныпресс. Афымцаеихшарҭа «Бзыԥ» аҿы аусура аиԥҟьара ҟалеит, ҳәа иаанацҳауеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».
Фымцалашарада иаанхеит Гагра араиони Гәдоуҭа араион ахәҭаки.
Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.