Атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра ахада иарбоу ахәышәтәырҭаҿы еиуеиԥшым ауадаҩрақәа шыҟоу азгәеиҭеит.
«Сара жәаҳәарада ари амедицинатә усбарҭа аҿы акадрқәа, ахьчара, аиқәыршәагақәа, уҳәа рыла ауадаҩрақәа шыҟоу еилыскаауеит. Иара убас ахәышәтәырҭа акәша-мыкәша игылоу аҵлақәа ирыдҳәалоу азҵаара ӡбатәуп: урҭ лассы-лассы икаҳауеит, аанда ааха арҭоит, урҭ ашҭаҿы иҟоу ауаа рызгьы ашәарҭара рыҵазар алшоит. Иҟоуп имаҷымкәа егьырҭ азҵаарақәагьы. Аха ари ахәшәтәырҭа аҿы адагьы егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рыҿгьы аиԥш-зеиԥшу апроблемақәа ыҟоуп. Урҭ рыӡбара ҳҽазаҳшәоит, аха зегьы мышкала иузыӡбашам. Шәара апациентцәа рыкрыфара аиҿкаара азы афатә-ажәтә аахәара инамаданы ауадаҩрақәак шәымамзи. Урҭ зегьы рыӡбара алыршоуп, ауал зегьы шәоуп. Иҳамоу алшарақәа еихшо Ахылаԥшырҭа иаҵанакуа аусбарҭақәа рыпроблемақәа рыӡбара алҳаршоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Ахәҭакахьала, Игорь Кортаа аколлектив аусеицуразы даара иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Аҳәара ҟасҵоит шәара шәахь аринахысгьы ахәышәтәырҭеи апациентцәеи ацхыраара рыҭара азы аус шәуларц, иара убас Ирина Михаил-иԥҳа адгылара лышәҭарц!, - ҳәа иҳәеит иара.
Иахьатәи амш азы апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 130 –ҩык апациентцәа. Ануа Ирина Михаил-иԥҳа иҷыдоу ареспубликатә психиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.