Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ЦӘЫББРАМЗА 29 РЗЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИЗАРА АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.

Аҩаша, 28 Цәыббра 2021 17:24 370

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, цәыббрамза  29 рзы Жәлар Реизара-Апарламент изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп. Аилатәара аҿы амшхәаԥштә зҵаарақәа  13 ирыхәаԥшраны иҟоуп.

Адепутатцәа аҳазылхратә усура аҿы административтә зинеилагарақәаки, иара убас атуризм аусхкы аҿы азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәаки аиҭакрақәа ралагалагалара азы азҵаара иахәаԥшраны иҟоуп. Амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылоит иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ашәатәқәа рымҩаԥгараан аконтрол-кассатә техника ахархәара азҵаарагьы.

«Арепатриантцәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалареи «Аԥсны Аҳәынҭқарра адемографиеи арепатриациеи рзы аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афонд азы» азакәан апроект ахәаԥшреи азԥхьагәаҭоуп.

Адепутатцәа «Афинанстә аренда (ализинг) азы азакәан апроект иахәаԥшраны иҟоуп».

  

Апарламент 2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә Палата аныҟәгара азы аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ ашьақәырӷәӷәара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Иаппарат 2022 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа ашьақәырӷәӷәареи мҩаԥнагараны иҟоуп. 

Амшхәаԥштә зҵаарақәа апунктқәа ҩба адгьылтә зҵаарақәа ирызкуп. Уи Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан иҟоу 12 га рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа  «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «ааглыхратә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагареи, иара убас Гагра ақалақь аунитартә наплакы «Гагрыԥшь» аҵакыраҿы иҟоу 0,93 га рҟынӡа инаӡо адгьылтә хәҭа «ақыҭанхамҩатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа аҟынтәи «ареакциатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагареи рзы аминистрцәа Реилазаара азин аҭара азҵаарақәа роуп.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:39