«Уажәы, Анцәа иџьшьаны ҳдоуҳатәи идинтәым анапхгаратә усбарҭақәеи аныхабаа аҟны ауахәама-динхаҵаратә еилазаара аԥҵареи ахыбра аиҭашьақәыргылара ахацыркреи рзы азинтә шьаҭа шьақәзыргыло аусшәҟәқәа ирықәшаҳаҭхеит. Аныхабаа ареставрациа азы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа зегьы еиқәыршәоуп. Иахәҭоу аԥаратә хархәагақәа зегьы реизгара шаалыршахалак еиԥшҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. Сара агәыӷра сымоуп аамҭа кьаҿ иалагӡаны ари аныхабаа еиҭашьақәыргыланы Аԥсны иҟоу егьырҭ аиашахаҵаратә уахәамақәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟало», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Леонид Лакербаиа.
Жьҭаарамза 28, 1913 шықәса рзы Дәрыԥшь ақыҭан ахаҳә иалху аныхабаа ҿыц ашьапы аркын. Шықәсык ашьҭахь, цәыббрамза 28, 1914 шықәсазы аныхабаа ҿыц аԥшьара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.