Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ЖЬҬААРАМЗА 1 ИНАРКНЫ ХАЗЫ ИГОУ АКАТЕГОРИАҚӘА ИРЫҴАРАКУА АТӘАНЧАҨЦӘА ИНАЗЫЦҴОУ АҚӘҴАҚӘА РОУРАНЫ ИҞОУП.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 16:38 276

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза, 2021 шықәса инаркны Атәанчаҩратә Фонд урыстәылатәи атәанчахәы змауа хазы игоу атәанчаҩцәа рзы иназыцҵоу ашәатәқәа ирыцнаҵоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, атәанчахәқәа рзы иназыцҵоу ашәатәқәа ирыцҵахоит абарҭ акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа рзы:

2500 мааҭ рҟынӡа иацҵахоит ақәрала ироуа асоциалтә тәанчахәы;

Аџьашықәс азы атәанчахәы зауа атәанчаҩцәа ирзацҵахоит 2 500 мааҭ.;

 «Жәлартә…», «зҽаԥсазтәыз аусзуҩ…» ҳәа ахьӡ занашьоу атәанчаҩцәа ртәанчахәы 2000 мааҭ рҟынӡа иацҵахоит;

Адгьылаҵантәи аусурақәа назыгӡоз (ашахтиорцәа) атәантәаҩцәа ртәанчахәы 2 000 мааҭ  рҟынӡа иацлоит;

2 000 мааҭ рыла иацҵахоит аныҟәгаҩы дахьрыԥхаз азы ироуа атәанчахәы (аусра злымшо аҭаацәа иреиуо зегьы рыцыԥхьаӡа).

Аиаҭымцәа–2 000 мааҭ рҟынӡа; аџьа аинвалидцәа (I, II, III агәыԥ иаҵанакуа) – 2 500 мааҭ аҟынӡа;

Ианыхәыҷыз аахыс аинвалидра змоу (16 шықәса рхыҵаанӡа, I - II агәыԥқәа) – 1 000 мааҭ аҟынӡа;

Асоциалтә тәанчахәы зауа атәанчаҩцәа (қәрала еиԥш аинвалидра азгьы уахь иналаҵаны), – 1 950 мааҭ аҟынӡа.

Асоциалтә еиқәыршәареи адимографиатә политикеи рзы Аминистрра цәыббрамза 1, 2021 шықәсазы иҟаз аҭагылазаашьа  ала есымзатәи иназыцҵоу ашәатәы аиура азы азин змоу атәанчаҩцәа рсиа ашьақәыргылара азы адҵа аҭоуп. 

Ақәҵара азинмчы аиуит жьҭаарамза 1, 2021 шықәса азы.  

«Ацҵақәа рфинанстәра азы жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмза 2021 шықәсанӡа иаҭаххоит  13  млн 181  нызықь мааҭ.  

Атәанчахәқәа рзы иназыцҵоу ашәатәқәа заураны иҟоу атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара - 11 821-ҩык рҟынӡа инаӡоит, - ҳәа тәыла Анапхгара Ақәҵара апроект адгалара мҩаԥго иҳәеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба.

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:55