Заанаҵтәи адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы атауарқәа рҭыжьра, аусурақәеи амаҵзурақәеи рынагӡара еизаку ашәагаа 92 756 034,5 мааҭ рҟынӡа инаӡар алшоит, ақыҭанхамҩа аҿы уахь иналаҵаны – 8 741 590,0 мааҭ, адәныҟаекономикатә усура аҿы – 28 815 920,0 мааҭ.
«2022 шықәсазы аҭыжьра азы иазԥхьагәаҭоу ашәагаақәа, ақыҭанхамҩеи адәныҟаекономикатә усуреи аргылара-еибыҭаратә усурақәеи рырбагақәа уахь иналамҵакәа, Аинвестициатә Программа ала 53 938 730,4 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз аасҭа 7,3% рыла еиҳауп, иара убас 2020 шықәсазы фактла ишьақәыргылаз арбагақәа раасҭа 26,3% рыла еиҳауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Кристина Озган.