Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

30-ҨЫК АРЕПАТРИАНТЦӘА – АИБАШЬРА АВЕТЕРАНЦӘА АНХАРҬА АХӘԤСА АШӘАРА АҞЫНТӘИ РХЫ ИАҚӘИҬТӘХОИТ.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 17:27 396

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ахатәрахь аиагараан анхарҭа ахәԥса ашәараан азинҷыда рзаԥҵара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Иарбоу Ақәҵара инақәыршәаны, 30-ҩык   арепатриантцәа – 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа  аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи хатәрахь аиагараан анхарҭа ахәԥса ашәара аҟынтәи зынӡа рхы иақәиҭтәхоит.

Ари азинҷыда аиура иашьҭан 34-ҩык. Аха ԥшь-ҩык рыла хазы игоу аӡбамҭақәа рыдкылахоит.

Арепатриациеи адемографиатә политикеи Рфонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа арепатриантцәа аӡәырҩы аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ирыдгалахо анхарҭа аахәаразы алшара рымаӡам ҳәа адырра риҭеит.

«Иарбоу асиа иану зегьы  аҳәынҭқарра аҟынтәи анхарҭа роура иаԥсоу уаауп», - ҳәа иҳәеит Енвер Чамагәуа.  

«Зегьы ирыцку, аӡәгьы аганахь даанымхартә еиԥш аҟаҵара. Ари ҳусура ахырхарҭа хада ауп. Ҳара иахьа џьара акы ҳацәцар, хымԥада арҭ азҵаарақәа рыхәаԥшра ҳазыхынҳәуеит», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:58