Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа иазку аныҳәатә автомҩасра «Ԥсоу-Егры» Аԥсны имҩаԥысуеит. Уи аиҿкааразы аидеиа «Альфард-клуба» алахәылацәа иртәуп. Акция алагеит ашьжьымҭан асааҭ ааба рзы Ԥсоу аӡиас ала Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа инаркны. Автомҩасра рхы аладырхәит 40 инарзынаԥшуа автомашьына. Амашьынақәа зегьы маркак иатәуп - премиум класс иаҵанакуа Альфардқәа. Убас ала аусмҩаԥгатә алахәылацәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа ҳаҭырла иргәаладыршәарц рыӡбеит.
Акциа иалахәыз Мамука Шаданиа Аԥсуа телехәаԥшра акореспондент диҿцәажәо иҳәеит: «Ҳара ас еиԥш аныҳәатә акциа амҩаԥгара ҳаӡбеит. Ԥсоу аӡиас ала ицо аҳәынҭҟарратә ҳәаа аҟынтәи 40 автомашьына инарзынаԥшуа рыла Егры аӡиас аҟынӡа анаӡара. Амҩан ҳара амемориалқәа зегьы ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Ҳара иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Владислав Арӡынба Ешыра иҟоу имемориал хымԥада ҳаҭаауеит. Ари ҳара ҳтәылауаҩратәии ҳауаажәларратәи уалԥшьоуп. Ҳара ахаангьы иаҳхамышҭыруп уи ихьӡ!»