Ари амш Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы акырӡа зҵазкуа, агәыхыҭхыҭра зцу ныҳәоуп дарбанызаалак изы. Ари амш аиааиреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз афырхацәа ргәалашәара иамшуп. Урҭ акыр амыҟәмабарақәа рыхганы ирылшеит рыԥсадгьыл ахьчара. Аӡәырҩы рыԥсҭазаарагьы ақәырҵеит. Ҳара ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳауит ҳветеранцәеи хатәгәаԥхарала урҭ ирывагыланы еибашьуаз ҳашьцәеи ирыбзоураны. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭраны ҳаҟаӡам Аԥсны Актәи Ахада, усҟан Арбџьармчқәа акомандаҟаҵаҩы Хадас иҟаз Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аиааира агара аҿы инаигӡаз ароль атәы.
Аиааира Амш атәыла ауааԥсыра зегьы рзы милаҭтә гәадура, арратә ахьӡ-аԥша, агәымшәара, ахаҵара иасимволны иҟалеит. Ари аныҳәамш азы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аҭынчра, аманшәалара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара!»