Ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аидгыларатә, астратегиатә ҟазшьа рыманы аҿиара иаҿуп. Агәра згоит наҟ-ааҟ ҳалшарақәа еидҵаны аԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩ-ганктәи аусеицура есааира ишацаҳҵало, ишҳарӷәӷәало.
Урыстәыла ҳҩызцәа аԥсуаа ганрацәала рыцхыраара иацнаҵоит актуалра змоу аекономикатә, асоциалтә ҳасабтәқәа рыӡбараҟны, иара убас амилаҭтә шәарҭадара аиқәырхараҟны.
Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аҭынчреи аизҳазыӷьареи».