Амчратә структурақәа рхаҭарнакцәа 1992-1993 Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рганахьала раҳаҭыр лазырҟәуа, ицәырԥхашьагоу ахымҩаԥгашьа ухаҿы иузаамго акакәны иҟоуп.
Аҳәынҭқарра аҵыхәтәантәи 20 шықәса ирылагӡаны аҭыԥ змаз акризисқәеи аполитикатә гхақәеи ҳасаб азуны иҟалар зылшо ахҭысқәа ииашаны разԥхьагәаҭара иазкуп», - ҳәа иаҳәоит Аԥсны Ауаажәларратә Палата жьҭаарамза 4 рзы ирыланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Ауаажәларратә Палата иахәҭоу аусбарҭақәа «аполитикатә кризис ацәцара хықәкыс иҟаҵаны, ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ииашаны аҭҵаареи аилыргареи, ахара зду аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рҿы иааныркыло аҭыԥ иазхьамԥшыкәа иахәҭоу ахьырхәра рақәыршәареи иазку аӡбамҭа рыдыркыларц ааԥхьара ҟанаҵоит».
Ауаажәларратә Палата аинцидент иазкны ихацырку аусеилыргара аҵашьа ахшыҩзышьрала иацклаԥшуеит.