«Ари аполитикатә митинг акәӡам, ҳара аполитикатә дҵақәа ықәҳаргылаӡом иахьа. Ҳара иаҳҭаху акызаҵәык ауп – Аԥсны атәылауаа закәанла рызныҟәара, уажәазы ҳветеранцәа рганахьала. Ҳҳәынҭқарра аидеологиа арҭ ауаа ҳаҭыр рықәҵара ала ишьаҭаркызароуп. Ари ихадоу афундамент ҳархыџхыџуа ҳалагар, усҟан аҳәынҭқарра аргыларагьы ҳалшарым. Шәара иаашәырԥшыз аус аҽадцалареи ахьаҳәхьачарадеи ирыбзоураны иахьа аусеилыргара ахацыркреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аамҭала иусура аҟынтәи ихы иақәиҭтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылеит. Шәара ишәылшәыршаз уажәтәи аамҭазы уи акырӡа аанагоит. Сара аветеранк иаҳасабала, аҿар рахь ааԥхьара ҟасҵоит. Сара сгәаанагарала иахьа ииашоу апозициа аанызкылаз Апарламентгьы, иара ҳҳәынҭқарра анапхгареи иахәҭоу апроцедурақәа рымҩаԥгаразы алшара раҳҭап. Уи азы ираҳҭап аамҭа. Аҳәынҭқарра Ахада ишиҳәаз еиԥш мчыбжьык ҳааԥшып», - ҳәа иҳәеит Ахра Бжьаниа.
Асааҭ хԥа рзы дықәгылеит аветеран, Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнак Гиви Допуа. Уигьы зегьы еимпырц, атәыла анапхгара ирыдыркыло аӡбамҭа иаазыԥшырц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Сызлашәыҳәо акызаҵәык ауп, ари ахҭыс аполитикахь ииашәымган. Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аделегациа Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟан. Ҳара ҳгәаанагареи иқәҳаргыло адҵақәеи ртәы ҳҳәеит», - ҳәа иҳәеит Гиви Допуа.
Уи иажәақәа рыла, атәыла анапхгара дара ажәа рырҭеит 5-7 рыла ари аус ишахәҭоу аилыргара шалыршахо азы.
«Сшәыҳәоит аҩызцәа, шәааи ҳааԥшып даҽа бжьымшы. Ииашоу аӡбамҭа рыдыркылар, абрахь ҳааны Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Уажәазы зегьы шәеимпырц азы аҳәара ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Ауаа аплошьад аҟынтәи хәыҷы-хәыҷла аимпра иалагеит.