Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо Беслан Ҳалуашь, амаининг аҿагылара аҿы аоператорцәа иҿыцу атехникатә ҩаӡара ахь ицәырҵуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. «Ари зынӡа иҿыцу атехникатә ҩаӡароуп. Иаркхо иалагоит VPN. Ԥыхьатәи Адҵа аҿы уи арбаӡамызт, избан акәзар усҟан VPN аркразы атехникатә лшара ыҟаӡамызт. Уажәы ҳара аиқәыршәага ҿыцқәа ҳауит, уи ҳара хыхь иарбоу акриптовалиута арҳара иадҳәалоу аусура аҿагыларазы ихымԥадатәиу еиҳау атехникатә ҩаӡара ахь ҳкылнагоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь. Уи ишазгәеиҭаз ала, аимадара аоператорцәа ртехникатә еиқәыршәара иадҳәалоуп ԥыхьатәи Адҵа аҽҳәара ацҵара аганахьала иҟалаз аиԥҟьара. Уи аҽҳәара нҵәеит ԥхынгәымза 1, 2021 шықәса азы. Аха, аимадара азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы игәаанагарала, атехникатә анамӡара шыҟазгьы, актәи Адҵа ҳәарада аеффект аҵан. «Актәи Адҵа уаанӡа иҳамаз атехникатә ҩаӡара аҿы ицәгьамкәа аус ауит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уи иаман иалкаау аеффект, аха амаининг знапы алаку ауаа иҿыцу атехникатә ҩаӡара ахь ииасит, убри инамаданы ҳаргьы урҭ русура аҿагылара азы атехникатә еиҵахара ҳамамзароуп. Сара еилыскаауеит, амаинерцәа аринахысгьы изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы уажәы иҿыцу амҩақәа рыԥшаара рҽазыршәашт. Аха ҳаргьы ҳметодқәа ртехникатә шьақәгылара реиӷьтәра ҳашьҭалоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь. Адҵа ҿыц ҭыжьуп, аоператорцәа зегьы амаининг аҿагылара аетап ҿыц алагалара техникала аҽазыҟаҵара иаҿуп. «Аоператорцәа иарбоу Адҵа инақәыршәаны азԥхьанҵа роуит. Сара сгәаанагарала иарбоу аусура хара имгакәа иалагоит. Аоператорцәа техникала уи рҽазыҟарҵар ауп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аимадаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы Адҵа хәажәкырамза 30, 2021 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Ԥхынҷкәынмза 8, 2020 шықәса рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Акриптовалиута арҳаразы аусура амҩаԥгара иазку атауарқәа Аԥсныҟа раагареи афымцамч ахархәареи рзы аԥкрақәа ралагалара азы» Ақәҵара №137 аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Ақәҵара №35 инақәыршәаны иҭыжьуп.