Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ИҞОУ АУРЫС ЕИЦТӘЫЛАУАА РЕИҾКААРА АКООРДИНАЦИАТӘ ЕИДГЫЛА АЛАХӘЦӘА РАХЬ АДНЫҲӘАЛАРАТӘ ЦҲАМҬА ДӘЫҚӘИҴЕИТ.

Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 21:45 289

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла алахәцәа рышҟа адныҳәаларатә цҳамҭа дәықәиҵеит.

 

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, II – тәи Атәылатә конференциа алахәылацәа!

Абзиара шәымаз ҳәа шәасҳәоит Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла аусура есышықәсатәи аихшьала амҩаԥгараҟны. Ари аидгыла еиднакылоит 19 еиҿкаара, ареспублика аицтәылауаа реидкылараҟны алагаламҭагьы дууп.  Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ари аусмҩаԥгатә шәҽахьалашәырхәыз, имҩаԥыжәго аусуразы. 

Аԥсны иҟоу аурыс уаажәларра ҳара ҳуаажәларра иузаҟәымҭхо иалоуп, ҳара зеиԥш уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иагьықәгылоуп – амилаҭтә гәыԥқәа зегьы рыбжьара еинааланы, ҳәоуеиқәшәарыла иҿио аизыҟазаашьақәа раԥҵара.

Ҳара ҳуаажәларра егьырҭ изларылукаауа ҷыдараны иамоуп амультикультуризм. Уи иалҵшәаны ишьақәгылеит аурыс, аԥсуа, иара убас егьырҭ еицырдыруа акультура аусзуҩцәа адзыԥхьалаз иуникалтәу ауаажәларра. 

Ари аныԥшит Чехов, Паустовски, Горки, Искандер, Евтушенко, Симонов, Казаков, Толстои уҳәа реиԥш иҟоу адунеитә литература аклассикцәа раԥҵамҭақәа рыҟны.

Аҩажәатәи ашықәсқәа инадыркны аурыс интеллигенциеи абизнесуааи ҳтәыла аҿиараҟны алагала ду ҟарҵеит. Усҟантәи аамҭазы иаԥҵаз архитектуратә баҟақәа иахьагьы Аԥсны ақалақьқәа дырԥшӡоит. Ҳара ҳҿаԥхьа уснагӡатәны иқәгылоу - урҭ мырӡкәа реиқәырхара, аԥхьаҟа рырҿиароуп. Уи ҳара ҳкультуратә мал ауп.

Ҳтәыла анапхгара рҿаԥхьа зҵаараны иқәгылоуп Аԥсны аетносқәа зегьы рыбжьара аимадара бзиа абжьаҵара. Аԥсны атәылауаа зегьы, милаҭеилых ҟамҵакәа, конфессиас изҵазкуазаалак, иара убас даҽакала еиԥшымзаарақәас ирымазаалак, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩра агәадура рнаҭалароуп.

Ҳарҭ зегьы ҳаидгылара иабзоураны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахақәиҭра ҳгеит, ахьыԥшымра аиура ҳалҳаршеит, иара убас ҳаидгыланы ҳтәыла уаднаԥхьало, еизҳазыӷьо, иҿио иҟаҳҵароуп. Уи азы ҳара иҳамоуп зеиӷьыҟам алшарақәа – ҳауаажәлар, ҳаԥсабара, ҳгеографиатә ҭагылазаашьа, насгьы, ҷыдала аҵак ду змоу – Урыстәыла дуӡӡеи ҳареи иҳабжьоу астратегиатә еиҩызара.

Ҳҳәынҭқарраҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылараҿы Владимир Владимир-иԥа Путин хаҭала илагаламҭа ашәарҭадаразы агәыӷра ҳанаҭоит.

Агәра згоит, Аԥсны иҟоу аурыс еицтәылауаа реиҿкаара Акоординациатә еидгыла аус ацура ҳаиҩызара арӷәӷәара ишацхраауазы. Сгәы иаанагоит аицтәылауааи ҳареи ҳусеицура аԥхьаҟа алҵшәа аманы имҩаԥыслоит ҳәа.

Ишәзеиӷьасшьоит аихьӡарақәа апроект ҿыцқәа рынагӡараҟны».

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 21:48