Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҼААӠАҨ АХРА АШӘБА ИҼҚӘА КРАСНОДАР ИМҨАԤЫСЫЗ АҼЫРҨРА АСЕЗОН АҾЫ АԤХЬАХӘҚӘА РГЕИТ.

Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 11:36 246

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2021. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 17 рзы Краснодар ақалақь аҿы аҽырҩратә сезон аркра мҩаԥысит. Иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы аԥснытәи аҽааӡаҩ Ахра Ашәба иҽыҩқәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аспорт азы аҳәынҭқарратә Еилакы.

 Вронски ҳәа ахьӡ змоу краснодартәи аҽыҩ аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, Павловтәи араион ахьӡала иаԥҵоу аҳамҭа анашьахеит, Старк ҳәа ахьӡ змоу аҽыҩ – аҽырҩратә сезон Аркра аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.  

«Вронски», «Старк» ҳәа ахьӡқәа змоу, хыхь иарбаз  аҽыҩқәа  ахышықәса зхыҵуа араԥтәи аҽыҩқәа рзы имҩаԥгаз, араԥтәи аҽыҩқәа фба злахәыз, «Аҽырҩратә сезон аркра  Априз» аиура азы здистанциа 1800 метр аҟынӡа инаӡоз аиԥхныҩлара иалахәын.

Аҩҽык аԥснытәи аҽааӡаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу   Ахра Ашәба итәуп.

                                                                                   

 

Last modified on Ашәахьа, 18 Жьҭаара 2021 18:20