Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 476-ҩык, COVID-19 азы адиагноз 165-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 90 – ҩык апациентцәа, 33-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 43 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 42-ҩык апациентцәа, 10-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 13-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 33, 5-ҩык, ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 15 - ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 93 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 12–ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 29821 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 24608 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 431 -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.