Аҟәа. Абҵарамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аԥсны жәлар Аконституциа аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалара аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаа! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аԥсны Аконституциа Амш!
Абҵарамза 26, 1994 шықәса Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа мшны иҟалеит. Акырӡа иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭа азы, аекономикатә блокадеи аполитикатә қәыӷәӷәареи аныҟаз аамҭазы, аибашьрашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ азы Аконститтуциа адкылара иара аԥсҭазаара ахаҭа ихымԥадатәиу акакәны иҳаднагалаз ахҭыс ауп. Атәыла адокумент Хада ҳаамҭазтәи азинтә демокаратиатә ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы еихьӡара дуны иҟалеит, аҭышәынтәалареи ахьыԥшымреи шьақәзырӷәӷәо акакәны иҟалеит.
Аконституциа – ари иреиҳаӡоу аиуристтә мчы змоу, аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа ҳәаақәызҵо, егьырҭ азинтә шәҟәынҵақәа зыдҳәалоу, насгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыԥсҭазаашьа аԥҟарақәа шьақәзыргыло Ихадоу азакәан ауп.
Аконституциа – ари Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәи ашьақәгылара уасхыр иамоуп. Уи ҳаԥсҭазаара ахырхарҭа хадақәеи аҳәаақәеи, уи аҭышәынтәалареи адинамизми еиқәнаршәалароуп. Ҳара зегьы Аԥсны иӷәӷәоу, иҿио, еизҳазыӷьо ҳәынҭқарраны иаабарц ҳҭахуп. Ари ахықәкы анагӡара ҳара зегьы ҳнапы иануп, аԥсҭазааразы акырӡа ихадоу Азакәан аԥҟарақәа рынагӡара азы ҳамчқәеи ҳахшыҩи ишахәҭоу ала ахархәара иадҳәалоуп.
Ари аныҳәатә мшы азы азакәан иақәыршәаны аԥсҭазаашьеи, аҭычреи аизҳазыӷьареи шәзеиӷьасшьоит».