Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, Аҟәа ақалақь апрокуратура актәи аинстанциа аӡбарҭа аӡбамҭа азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьауӷатә усқәа рзы акассациатә коллегиа ашҟа азашшра дәықәнаҵеит. Абҵарамза 25, 2021 шықәсазы аӡбаҩцәа Адлеиба Л.А., Ԥлиа О.В., Кәарҷиа Р.В. зеилазаараҿы иҟаз акассациатә инстанциа аӡбарҭа ала Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Габеева З.Г. илыдылкылаз аӡбамҭа изакәаным ҳәа иаԥыххеит. Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа аҟынтәи аҳәара егьи аилазаара ала иҿыцны ахәаԥшразы иара убри аӡбарҭа ахь идәықәҵахоит.
Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, абҵарамза 12, 2021 шықәсазы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь, (Агәмаа имҩа, автоџьармыкьа иахьаҵанакуа) иҟалаз Гаделиа Геннади Митиа-иԥа ишьра афакт ала лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы ихацыркыз ашьаусеилыргара ала заанаҵтәи аусеилыргара еиҭалагеит. Абҵарамза 12, 2021 шықәсазы зыԥшаара мҩаԥысуаз Берулаа А.С. даанкылахеит.