Аҟәа. Абҵарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 83-ҩык, COVID-19 азы адиагноз 52 -ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 62 – ҩык апациентцәа, 22 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 40 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 39 -ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 24-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 17, 3-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 10 - ҩык апациентцәа. Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Урыстәылатәи арратә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 73 -ҩык апациентцәа, урҭ рахьынтә 5 – ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 34652 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 28688 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 524 -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.