Уажәы ахәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәуеит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 азы здиагноз шьақәырӷәӷәоу 60 – ҩык апациентцәа. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит, ахәышәтәра-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа зегьы ирхысуеит. Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит.
Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа 50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа, арентген-кабинет ыҟоуп.
Апациентцәа рыдкыларазы ахәышәтәырҭаҿы адкылара-еилыԥшааратә, асанитар-епидемиологиатә, ахәышәтәратә, аҿкытә ҟәшақәа еиҿкаауп, иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Анализқәа, алҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.
Ахәышәтәырҭа аҿы иҟоу аҭыԥқәа рҟынтәи 64-шьҭаларҭа ҭыԥ аҵәыҵәри аҭара азы аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоуп, урҭ рахьынтә 13 шьҭаларҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭарсра иазку аппаратқәа рыла еиқәыршәоуп. Ахәышәтәырҭа еиԥҟьарада аҵәыҵәри ала аиқәыршәара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа иҟоу Алада Урыстәылатәи Арратә Округ абаза. Иааизакны, уахыки-ҽнаки рыла ақәыӷәӷәара ду аныҟоу аамҭазы иныххоит 100 баллонк рҟынӡа ирҭоу аҵәыҵәри.
Нанҳәамза 18, 2021 шықәса раахыс 100 – ҩык инареиҳаны ари ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа уахы-ҽни инеиԥынкыланы апациентцәа рыдыркылоит, ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, иара убас Аԥсны ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи иаарго ПЦР- анализқәа рдиагностика нарыгӡоит.