Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 20 ИНАРКНЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 15 – НӠА АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА МҨАԤЫСЛОИТ.

Аԥшьаша, 09 Ԥхынкәын 2021 16:22 179

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба «Ашықәсҿыцтәи аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи рзы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, ақалақьтә ашықәсҿыцтәи ныҳәатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи рзы адҵа зауа аусуратә гәыҧ напхгара аиҭоит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ, аекономикатә ҿиара Адепартамент анапхгаҩы Леон Кәарҷиа.

Убас, ҧхынҷкәынмза 20 рзы Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашықәсҿыцтәи аҧсаӡҵла шьақәыргылахоит. Ажьырныҳәамза 15-нӡа аҳҭнықалақь ауааҧсыреи асасцәеи рзы еиуеиҧшым ашықәсҿыцтәи аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧыслоит.

Аҳҭнықалақь Ахадара аӡыргареи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рыҟәша ҧхынҷкәынмза 20-нӡа Аҟәа ақалақь аныҳәатә рҩычара алнаршароуп.

Аҟәа ақалақь Ахадара аекономикатә ҿиара Адепартамент  Ахақәиҭра Ашҭаҿы ҧхынҷкәынмза 15, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 15, 2022 шықәсанӡа ауаажәларратә крыфара амаҵзура адгалара аҿы ацхыраара аҭара азы  адҵа аҭоуп. 

Ашҭаҿы аҳамҭаҷқәеи ахәмаргақәеи апиротехникеи иџьбароу арыжәтәқәеи рыҭиреи, иара убас амалақәырқәа, амаланыҟәақәа, ахәыҷтәы фақьдәыӷбақәа, афымцамашьынақәа қьырала рыҭара азы азин ҟалаӡом.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 16:49