Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА: АԤСНЫ ИСУВЕРЕНИТЕТТӘУ ҲӘЫНҬҚАРРОУП, УИ ИХЬЫԤШЫМ АДӘНЫҞАТӘИ АПОЛИТИКА МҨАԤНАГОИТ.

Аԥшьаша, 09 Ԥхынкәын 2021 18:44 204

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Шьамтәыла иҟоу Китаитәи Жәлартә Республика Ацҳражәҳәаҩ иганахьала Қырҭтәыла имҩаҧнаго ақәыӷәӷәара азы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Ԥхынҷкәынмза 6, 2021 шықәсазы Дамаск ақалақь, Китаитәи Жәлартә Республика Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Баграҭ Хәытабеи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҟны иҟоу Китаитәи Жәлартә Республика Ацҳаражәҳәаҩ Фен Биаои реиҧылара мҩаҧысит.  Ахәҭакахьала, ақырҭуа ган имҩаҧысыз аиҧылара аҟынтәи аинформациатә материалқәа рыларҵәара аганахьала агәынамӡара аанарҧшит.

Ареспублика Аҧсны – исуверенттәу ҳәынҭқароуп, уи ҳтәыла Азакәан Хада инақәыршәаны ихьыҧшым адәныҟатәи аполитика мҩаҧнагоит. Ҳара ҳофициалтә хаҭарнакцәа жәларбжьаратәи реиҧыларақәа рганахьала ақырҭуа ган агәаанагара ҳазҿлымҳаӡам. Ақырҭуа дипломатцәа жәларбжьаратәи аимадара аҧҟарақәеи , иара убас жәларбжьаратәи азини ирықәныҟәаларц азы абжьгара ҟаҳҵоит»,-ҳәа иазгәаҭоуп Аҧсны адәныҟаполитикатә хылаҧшырҭа аҳәамҭа аҟны. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 16:53