Уи ишазгәеиҭаз ала, сынтәа Аҧсны шәагаала идуу афымцамч аиагара иаҳәоит, уи ахәҧса амиллирдқәа рҟынӡа инаӡоит, аха зегьы ирыцку зҵаараны иаанхоит уи ахәҧса зшәода ҳәа.
«Иҳаҩсыз ашықәс азы миллиард кВт/с азы ҳара акагьы ҳамшәаӡеит, аҧара ҳамаӡам. Уи зегьы ақәыӷәӷәара дуны аилазаара «Интер РАО» иақәҳаит. Ари иаарту еилазаароуп, уаҟа иҟоуп аҳәынҭқарра ауали хазхаҭалатәи аинвесторцәа руали. Урҭ еилкаам ахарџьқәа рхахьы агара рҭахӡам. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара адгылара ҳанаҭоит, саргьы агәыӷра сымоуп уажәгьы ус иҟалап ҳәа», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Уи иара убас Аҧсны аенергетика акризистә ҭагылазаашьа алгара азы аҧсуа гани урыстәылатәи агани еицеиқәдыршәаз амҩатә хсаалага азыҳәангьы адырра ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргыларазы апроекттә Институт злахәу Аиқәшаҳаҭра шазҧхьагәаҭоу атәы; иҿыцу аусуратә ҭыҧқәа раҧҵара атәы.
Аслан Бжьаниа адепутатцәа иқәдыргылаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҟаиҵеит.
Адепутат Венори Бебиа аҳәара ҟаиҵеит: «Анаукатәи арҿиаратәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа рҧылараан Шәара асуверенитет ашара атәы шәалацәажәеит. Сара исҭахын аилибамкаара ҟамларпц азы абри атема еиҳа инарҭбааны шәаҳзалацәажәарц». Аҭак аҳасабала Аслан Бжьаниа еизаз иргәалаиршәеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ари азҵаара азы инарҭбааны ахҳәаа шыҟанаҵаз, уи амассатә информациа ахархәагақәа зегьы рыла алаҵәарагьы шаиуз. «Сара исҳәаз сҳәеит, уи сгәаанагареи сдунеихәаҧшышьеи ирықәшәоит. Сара ари атема ала ирацәаны ацәажәара сҭахымызт. Шәсықәшаҳаҭхозар ҟалап аҳәынҭқарратә ҳәаа, амшынтәгьы уахь иналаҵаны – ари аҳәынҭқарра исуверенттәу азин ауп ҳәа сҳәар. Аус аҿы ишыҟоу ала, абар шьҭа шықәсырацәа инеиҧынкыланы ҳамшынтә ҳәаақәа рыхьчара уи иазку аҟәшеиҵақәеи аинститутқәеи инарыгӡаӡом, избан акәзар уи азы алшара рымаӡам. 2008, 2014 шықәсқәа рзы ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа аҩганк еицынарыгӡо азҵаарақәеи, Аҧсны иахьаҵанакуа аҩганк еицырыӡбо азҵаарақәеи рганахьала еиқәшаҳаҭхеит. Ҳара ҳакәзар Урыстәыла иахьаҵанакуа аурысцәеи ҳареи еицынаҳагӡо азҵаарақәа ҳамаӡам. Ҳара урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ҳрывагыланы урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа ҳахьчаӡом, урҭ уи рхала ирыхьчоит. Аицымҩаҧгара азҵаара асуверенитетгьы ишиашоу иадҳәалоуп. Ҳара ҳхала афинанстә политика мҩаҧаҳгаӡом, ҳтәыла аҿы ҳхатәы ҧара ҳамаӡам. Ҳара аҧарақәа ремиссиа ҳзынагӡаӡом. Уи аҩыза алшара ҳамаӡам, иарбоу азинмчы ахәҭак Урыстәылатәи Афедерациа ахь ииаҳгеит. Аҧсны арратә шәарҭадара азҵаара атәы уҳәозар. Сара иацысҵар сылшоит, аха абарҭ аспектқәа роуп зыӡбахә сымазгьы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Уи иара убас ҿырҧштәыс иааигеит Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иҳәамҭақәак. «Владислав Арӡынба ҳаҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара уасхырс иамоу зегьы раҧхьаӡа иргыланы Аҧсны ажәлар еицамкуа амчхареи Урыстәылатәи Афедерациа адгылареи. Абарҭ хыхь иарбоу аҟазшьақәа рыда аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара акыр иуадаҩхоит. Арратә шәарҭадара ҳаналацәажәо иарбоу афактқәа ҳасаб рзаҳулароуп хымҧада. Сара сгәаанагарала ииашаӡам ҳәа исыҧхьаӡоит Очамчыра араион Мыркәыла ақыҭан аҩганктәи арратә база аргыларазы жәа-гектар инарзынаҧшуа адгьыл азоужьра ахьзалмыршахаз. Сара сгәаанагарала, ари азҵаара аҿы даара агха ду ҟаҳҵеит. Уи хаҭала сара сгәаанагара ауп. Сара иҟоу зегьы реалла иахәаҧшларц, иҟаларц шаҳҭаху акәымкәа ишыҟаҵәҟьоу ирбаларц азы зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. . Аслан Бжьаниа ҷыдала иазгәеиҭеит Аҧсны ашәарҭадара ашьақәгылараҿы Урыстәыла инанагӡо ароль. «Ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра шьақәгыларц азы даараӡа ирацәаҩны ҳтәылауаа рхы ақәырҵеит. Есымша еиҧш уажәгьы адгылара ду ҳанаҭоит Урыстәылатәи Афедерациа, уи иахьа ҳарратә шәарҭадара гарантс иамоуп. Урыстәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рыла Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра инанагӡаз аусура мацара иалҵшәахама? Ҳастратегиатә партниор алагала ыҟаӡами араҟа? Ҳара иҷыдоу анаукатә конференциа мҩаҧаагар ҳалшоит, хаҭала сара даара гәахәара дула исыдыскылоит уи аҳәаақәҿа ирҭагӡаны иарбоу азҵаара еиҳа инарҵауланы, инарҭбааны алацәажәара ҟалар. Ҵабыргуп, ҳара ихьыҧшым, исуверенттәу ҳәынҭқарроуп. Аха фактны иаанхоит даҽакгьы. 2008, 2014 шықәсақәа рзы ҳара ҳхатәгәаҧхарала аҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхкқәак аицымҩаҧгара аусхкқәа раҳасабала иалаҳкааит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Адепутат Баҭал Аиба политикцәақәак бџьарла аҽеибыҭара иазку рҳәамҭақәа инарымаданы Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагара зеиҧшроу дазҵааит. «Шәгәаанагара здыруазарц сҭахуп. Абас еиҧш иҟоу ааҧхьарақәа ирхышәҳәаауеи, избан акәзар ари ауаажәларра рыҩныҵҟа агәҭынчымра рызцәырнагоит. Аҩныҵҟатәи ашәарҭадара атәы шәаҳзалацәажәар, насгьы абри азҵааразы апрокуратура аганахьалагьы иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа ртәы шәҳәар сҭахын.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ауаа аӡәырҩы ари аҳәамҭа ргәы арҭынчуам. «Атәылауаа абџьарла аҽеибыҭаразы атәылауаҩ Кан Кәарҷиа иҟаиҵаз ари ааҧхьара инадҳәаланы азҵаарақәа рымоуп. Сазҵаар сҭахуп, аҽеибыҭара хықәкыс иамоузеи, абџьар ззышьҭырхуада, ари аҩыза азин ҟазҵада? Иара иахьа иазҵаауеит хыҧхьаӡара рацәала ауаа, ари азҵаара рнапы алакуп азинхьчаратә усбарҭақәагьы», - ҳәа аҭак ҟаҵо иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа арезервтә фонд аҟынтәи шаҟаҩы ацхыраара роуз азы адырра риҭеит. Аӡәырҩы ауааҧсыра Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ацхырааразы ирыдҵаалоит. Аҳәынҭқарра Ахада ирезервтә Фонд аҟынтәи мшаҧымза 2020 шықәса инаркны ҧхынҷкәынмза 1, 2021 шықәсанӡа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо астудентцәа рҵара ахәҧса ашәара азы, ахәышәтәра азы, егьырҭ амзызсқәа рыла аматериалтә цхыраара рыҭара азы, уҳәа иныхын 388 млн. 900 нызықь мааҭ. Ацхыраара рыҭан 5713- ҩык. Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада аулафахәқәа рышьҭыхрагьы далацәажәеит. Иааизакны бжьаратәла уахәаҧшуазар, 2020 шықәса инаркны абиуџьеттә усхкы аҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа руалафахәы 9 026 (70%) мааҭ рыла еизҳаит. 9 нызықьҩык инареиҳаны ишьҭыху ауалафахәу роуа иалагеит. Арҭ ашәатәқәа рҟынтәи 75% ахахьы иагеит Урыстәылатәи Афедерациа, 25% иназыцҵоу ашәатәқәа ахатәы биуџьеҭ аҟынтәи инагӡахоит. 195 млн мааҭ абиуџьеҭ аҟынтәи еиуеиҧшым аҧаратә цхыраагӡатәқәа ршәара ахь идәықәҵахеит. Иааубаратәи руалафахәы шьҭыҵит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа. Уи 70% рҟынӡа инаӡеит, бжьаратәла уахәаҧшуазар 10 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит. Ҳазҭоу ашықәс азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра азы ацхыраара аҳасабала иазоужьхеит 112 цыра атранспорттә хархәагақәа. Ари апроцесс хымҧада иацҵахоит, иааиуа ашықәс азы еиҭа жәабала атранспорттә хархәагақәа аараны иҟоуп. Иуҳәар ҟалоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра автопарк рҿыцхоит ҳәа. Сынтәа 75% рыла аизырҳара алыршахеит аҳәынҭқарратә шәарҭдара Амаҵзура аусзуҩцәа руалафахәы. Ауалафахәы ашьҭыхра бжьаратәла уахәаҧшуазар 10 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аҳәынҭқарра Ахада макьаназы иӡбамкәа иаанханы иҟоу апроблемагьы дазааҭгылеит. Уи атәанчахәы ацҵара ауп. Уи аполитикатә еиҿагылара аконтекст ала афактқәа реицакра мап ацәкра азы агәҽанызаара ҟаиҵеит. «Сара иаартны исҳәоит ҳтәылауаа рзы зегьы раасҭа ихадоу атәы. Ҳара Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсни ииашоу реизыҟазаашьа ашьақәыргылара ҳахәҭоуп, Аҧсны иахьаҵанакуа иҭышәынтәалоу аҭынчреи ашәарҭадареи рышьақәгылара, иӷәӷәоу аекономика аҿиара», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада. 2020 шықәсазы категориақәак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа 500 мааҭ рҟынтәи 1000 мааҭ рҟынӡа иацлеит. «Ари мыцхәы идуцәам ахәцҵоуп, аха еицуҵар уи жәабала амиллионқәа рҟынӡа инаӡо абиуџьеҭ иамоу ақәыӷәӷәара ауп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Адепутатцәа дырҧыло Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ареспублика газла аиқәыршәара азҵаарагьы дазааҭгылеит. Ари апроект ахәҧса 100 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит. «Иааиуа ашықәс иалагӡаны ҳара Аҧсны газла аиқәыршәара азы апроект ҳаураны иҟоуп. Иарбоу апроект азы аҧаратә хархәагақәа рыхәҭак абиуџьеҭ аҟынтәи иалгахоит, егьи ахәҭак Аинвестициатә программа аҟынтәи. Ари баша ацәажәарақәа рҟынтәи аусқәа рахь аиасра ауп», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҧсны аус зурц зҭаху урыстәылатәи аинвесторцәа рзы иҿыцу аҧҟарақәа зныло Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьарҵо анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра аус адулара мҩаҧысуеит. «Ҳара заанаҵы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагеит, аиқәшаҳаҭра аусшәҟәы акыр аамҭа аус адаҳулоит, апозициақәа акы агымкәа, акы узахымҳәаауа аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Иарбан еиқәшаҳаҭразаалакгьы афинанстәра азҵаарақәа аҧаҳалоит. Урыстәылатәи аинвесторцәа иалкаау азинҷыда рыҭазар, урҭ хызҩогьы ҟалароуп. Ҳара ҳганахьала азинҷыдақәа рыхәҭак аинвестор иаҳҭеит. Уи ахашәалахәы азы, амазара азы ашәахтә ашәара аҟынтәи ахақәиҭра ауп, аха мҽхакы ҭбаала иҟоу аинвестициақәа ҳанрылацәажәо ари амеханизм мацара азхаӡом. Ҳара урыстәылатәи аган ахь аҳәара ҟаҳҵеит Аҧсны аус зуло аинвесторцәа Урыстәыла иалкаау аҳәынҭқарратә дгылара апрограмма иаҵанакуа иҟаларц азы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Зеиқәыршәара мҩаҧысуа Аинвестициатә Программа ҿыц акәзар, уи иазҧхьагәанаҭалоит аекономика ареалтә сектор, ақыҭанхамҩа, аусдуларатә ааглыхра адгылара аҭара азы миллиардла аҧаратә хархәагақәа. Зыӡбахә ҳәоу адгьылрацәа зымпаҵаку ацхыраареи адгылареи рыҭара, атехника аахәареи уи анаҩс аамҭарацәа ҽҳәарас иаманы лизингла аҭара, аиҭаҳатә материал аахәара, аҧхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа рықәгара азы ихымҧадатәиу амаҭәашьарқәа раахәара, иара убас акредитқәа рнаӡынтә зыҧҵәа ахарҭәаара ауп. «Иарбоу ахықәкқәа рынагӡара азы Аинвестициатә Программа аҿы иазҧхьагәаҭоуп 1 млн. 800 млн. мааҭ. Ари даара акыр зҵазкуа цхыраагӡоуп ииашаны, ихшыҩркны ахархәара ҳалҳаршар», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Иара убас Аинвестициатә Программа аҿы атәыла аекономика зегьы ацифровизациа азы 800 млн мааҭ арбахоит.