Амитинг аҿы дықәгылеит иара убас аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рхашәалахәқәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ахарҭәаара иазку азакәан аҧшьгаҩцәа ируаӡәку Асҭамыр Какалиа. Уи иажәақәа рыла аилагарақәа рацәоуп, уи азы ианаамҭаз адыррақәа роуит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҧыза-министри, аха азакәан еилазгаз рхьырхәра азы изеиҧшразаалак ауснагӡа мҩаҧгаӡамызт»,-ҳәа иҳәеит иара.
Аполитикатә Партиа «Аҧсны» ахантәаҩы Витали Габниа аҧсуа жәлар ианакәызаалак агәаанагара аартны аҳәара азы алшара аман ҳәа иазгәеиҭеит. «Ҳара есымшагьы амассатә митингқәеи аизарақәеи рымҩаҧгара азы ҭоурыхла азин ҳаман, уха убри аан урҭ зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгазар акәын. Агәҭынчымра узцәырнагоит, иахьатәи атәыла анапхгара ахатәы реитинг аилкааразы амитинг ахь иааз ауаа рыла, араантәи иҟоууи егьи аганахьала иҟоуи ауаа рхыҧхьаӡара еилкаауа ахәшьара ахьарҭо. Ауаа реиҳараҩык ржьазшәа ргәы иабоит». Ҳара ҳажәлар даара имариамыз, амҩа ианысит, -ҳәа иҳәеит Витали Габниа.
Ауаажәларратә Еиҿкаара «Аидгылара» ахантәаҩы Кан Кәарҷиа Аслан Бжьаниа инысымҩа цқьа инҭкааны аҧхьаразы ирыдигалеит. «Ари ауаҩ иполитикатә кариера иалагӡаны уаҳа инҭкааны изымҳәеит аибашьраан дахьыҟаз атәы. Уи уажәы иҳәо аверсиа ҧыҭрак ашьҭахь ииҳәо еиҧшӡам. Ажәлар уи жәаҳәарада агәра ргом, Аҩбатәи, зегьы ҳзы еилкаамкәа инхаз уи ашьыга иҭара азҵаара. Уи официалла ус ишьақәырӷәӷәаӡамкәа иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы», - ҳәа иҳәеит Кан Кәарҷиа. Кан Кәарҷиа ишазгәеиҭаз ала, Аслан Бжьаниа амчрахь даннеи инаркны ҩы-шықәса дуӡӡа иман ари афакт ашьақәырӷәӷәаразы, аха уи аҩыза уи иҟаимҵаӡеит. Ажәлар арҭ азҵаарақәа рҭак роур рҭахуп.
Амитинг аҿы иара убас иқәгылеит Хына Думааи Ҭемыр Бигәааи.
Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсуа жәлар Реиҿкаара» ахатәаҩы Адгәыр Арӡынба еизаз иргәалаиршәеит мызки бжаки раҧхьа адраматә театр аҿаҧхьа ажәлар шеизахьаз, усҟан аоппозициа ахаҭаирнакцәа атәыла анапхгара аҿаҧхьа азҵаарақәа ықәнаргылоон. Ҳара жәларык ҳауп, аха иҟоуп мчқәак ҳаидызхо, ҳаиҿазыргыло. Апровакациақәа рҽалагалара аҭахӡам. Ҳара ауаажәларра реидкылара азы аҽазышәарақәа изныкымкәа иҟаҳҵахьеит. Алхрақәа рышьҭахьҳара Аслан Бжьаниа идаҳныҳәалеит. Ҳара убасҵәҟьа ҧхьаҟа ҳамҩа аазыртуа шьаҿақәак ҟаҳҵеит», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба. Уи атәыла анапхгара ахь ихы рзаны иҳәеит. «Атәыла анапхгара аҿы иахьа имаҷымкәа ауаа бзиақәа, аҭакҧхықәра змоу аспециалистцәа ыҟоуп. Иҟоу аҭагылазаашьа шәахылаҧш, шәареи ҳареи нас иахьа имҩаҧысуа азы ҳаҧхамшьларц азы!» - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба. Анаҩс аоппозициа ахатәы хаҭарнакцәа Аҳәынҭқара Ахада иахь рдәықәҵара азы аӡбамҭа аднакылеит. Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵахеит ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәылиеи Аполитикатә партиа «Аҧсны Жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыци.