Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

ИНАЛ АРӠЫНБА ШЬАМТӘЫЛА ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ БАГРАҬ ХӘЫТАБА ДИДИКЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 13:02 237

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 17 рзы атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Баграҭ Хәытабеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа изаамҭанытәиу аусура атәы далацәажәеит, ахәҭакахьала, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аконсултә ҟәша аԥҵара ахымԥадатәра инаҵшьны иазгәеиҭеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Баграҭ Хәытаба иара убас аекономикатә, ахәаахәҭратә, анаукатә, атехникатә, акультуратә усеицура азы  Аԥсны-Шьамтәылатәи Акомитет аҩганктәи аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны ибжьаҵоу аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ртәы еиҭеиҳәеит, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рзы ифеидоу аԥшьгарақәа рзы аминистр адырра ииҭеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 20:57