Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата ишьақәгылаз аполитикатә кризис алҵра азы иаку аконцепциа аԥҵара хықәкыс иҟаҵаны, аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи алархәны ауаажәларратә консультациақәа мҩаԥнагоит. Ажьырныҳәамза 18 рзы ареспубликатә партиақәа «Аԥсны Жәлар ракзаара Афорум», «Аԥсны Акзаара», «Аиҭаира» ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥыларақәа амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа аламырхәӡакәа имҩаԥыслоит.
Ажьырныҳәамза 12 рзы Ауаажәларратә Палата аҿы аполитикатә партиа «Амцахара» ахаҭарнакцәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара аихшьаалақәа рыла, Ауаажәларратә Палата алахәыла Сократ Џьынџьал, ауаажәларратә усзуҩ Ахра Бжьаниа, аполитикатә партиа «Амцахара» аполитикатә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеиба ажурналистцәа иарбоу аиԥылара алҵшәақәа рзы адырра рырҭеит.