Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ КАВКАЗТӘИ АДИАСПОРА АУААЖӘЛАРРАТӘ ЕИҾКААРАҚӘА АУС РЫЦУРА АҾИАРА ИАДГЫЛОИТ.

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 21:29 223

Аҟәа. Ажьырныҳәмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак  Ибрахим Аҩӡбеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Ибрахим Аҩӡба Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра инанагӡо аусура азы адырра ииҭеит. Ахәҭакахьала,  уи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи кавказтәи адиаспореи руаажәларратә еиҿкаарақәа аус рыцура шымҩаԥысуа атәы дазааҭгылеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра аобективтә ахьӡ-аԥша ашьақәырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны Ҭырқәтәыла иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа аус рыцура иаҵоу аҵакы хада инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ахаҭарнак иара убас агуманитартәии акультуратәии аусхкқәа рҿы аԥшьгарақәа рынагӡара азы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа  дрылацәажәеит.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра 1994 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба инапынҵала Сҭампыл ақалақь аҿы иаԥҵан. Ибрахим Аҩӡба хәажәкырамза 18, 2021 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра  ахаҭарнакыс дҟаҵан.

Last modified on Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 16:34