Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, иубаратәы иҟоуп маҷк аинфекциа алаҵәара амҽхак шеиҵахаз, аха ииасыз аныҳәатә мчыбжьы ари аҭагылазаашьа астатистика аԥсахыр алшоит. Убри аан уи ауааԥсыра рвакцинациа ԥсыҽны ишымҩаԥысруа азгәалҭеит.
Ареспублика асанитартә ҳақьым Хада ОРВИ, ОРЗ зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аизҳара аганахьала агәҭынчымра аалырԥшит. Ажьырныҳәамза 17 азы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа ишьақәыргылан 949-ҩык ачымазара ҿкы злаҽыз ауаа.
Аԥсны аԥыза-министр Ареспубликатә санитартә епидемиологиатә Станциа ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи ачымазара рылаҵәара ахылаԥшра аҭареи, анаҩс амчыбжь нҵәаанӡа актуалра злоу аинформациа аҟаҵареи рзы адҵа ҟаиҵеит.