Афедерациа ахантәаҩы иара убас аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа еизакны иахьынхо аҭыԥқәа рҿы аԥсуа бызшәа акурсқәа реиҿкаара аҿы ацхыраара аиуразы аминистр иахь аҳәара ҟаиҵеит.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә Центрқәа Рфедерациа 2010 шықәсазы иаԥҵан.
Уажәы Аԥсуа культуратә Центрақәа Рфедерациа иалоуп Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа аус зуа 17 аԥсуа культуратә Центрқәа. Урҭ 10 000 - ҩык инарзынаԥшуа алахәылацәа еиднакылоит
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Инвер Алшәынба, иҷыдоу анапынҵақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ацҳаражәҳәаҩ Алиас Асабуа, иҷыдоу анапынҵақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ацҳаражәҳәаҩ Инар Гыцба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакра абжьгаҩ Џьансыхә Лазба, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум алахәыла, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә Центрқәа Рфедерациа ԥыхьатәи ахантәаҩы Ахмет Хапат (Џьеилан), Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә Центрқәа Рфедерациа анапхгараҭара ахеилак алахәыла Иумит Ашба (Шахин), иара убас Сҭампыл иҟоу аԥсуа культуратә Центр ахантәаҩы Селимиие Албуз Иаган.