Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысит ареспубликатә партиа «Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум» ахаҭарнакцәеи аполитикатә партиа «Аԥсны Акзаара» ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо Ауаажәларратә Палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, аполитикатә партиа «Аԥсны Акзаара» ахантәаҩы Сергеи Шамба, иара убас аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц ажурналистцәа ирыҿцәажәеит.
Гәыли Кьычба: Иахьа араҟа имҩаԥысит аполитикатә партиа «Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум» ахаҭарнак Аслан Барцыци аполитикатә партиа «Аԥсны Акзаара» ахаҭарнак Сергеи Шамбеи реиԥылара. Уаанӡа ҳара ҳарԥылеит «Амцахареи» «Аруааи» рхаҭарнакцәа. Ҳара, шьаҿа-шьаҿала, атәыла аҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара азы агәҭакы змоу аполитикатә мчқәа зегьы Ауаажәларратә Палата аплошьадка аҿы ҳарԥылалоит. Сгәаанагарала иахьа алҵшәа бзиа аарԥшра зылшо аиԥылара мҩаԥган. Даара аконструктивра злаз аиҿцәажәара мҩаԥысит. Акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит. Зегьы ирҭаху акы заҵәык ауп - атәыла аҩныҵҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҟаларц».
Сергеи Шамба: «Иахьа араҟа ҳалацәажәеит атәыла аполитикатә мчқәа рыбжьара ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵра амҩақәа рыԥшааразы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа. Ауаажәларратә Палата ари азҵаара аҿы абжьаҟазаҩ иаҳасабала иқәгыларц, насгьы ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра азы аусшәҟәы ахатәы проект адгалара мҩаԥнагарц азы агәазыҳәара аарԥшын. Ҳара адиалог амҩаԥгареи, ҳтәыла аҿы аполитикатә еизыҟазаашьақәа рганахьала зегьы ирзеиԥшу аԥҟарақәа рышьақәыргылареи ҳадгылоит. Ари аинциатива, сара сгәаанагарала иаамҭаны иҟаҵоуп, ҳара ари апроцесс алахәхара ҳазхиоуп.
Аслан Барцыц: «Ауаажәларратә Палата иаанарԥшыз аинциатива азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп. Ауаажәларратә Палата аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рҿаԥхьа иамоу аҭакԥхықәра еилкааны абжьаҟазаратә роль анагӡара ахахьы иагеит. Иарбоу ахырхарҭа ала Апалата аусура аконструктивра аланы иаабоит. Уи аппозициеи аполитикатә партиақәеи атәыла анапхгареи реизааигәатәра иазырхоуп. Иахьатәи амш азы зегьы еилаҳкаауеит ҳтәыла иуадаҩу аполитика-економикатә ҭагылазаашьа шамоу. Аганқәа зегьы иҟоу акризис алҵразы агәазыҳәара рымоуп. Уи ҵабыргуп, ари аплошьадка аҿы ҳара зегьы ҳаартуп, иҟоу шыҟоу ала ҳгәаанагара ҳҳәоит.
Ҳазхымԥо ҳгәаанагара хадақәа ртәы Амеморандум ианылеит, уи анагӡаратә усбарҭақәа рахь, ахәҭакахьала Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иахь идәықәҵоуп.
Даҽакгьы азгәасҭарц сҭахуп. Ҳара даара агәҭычымра ҳазцәырнагоит иахьа иаанкылоу арԥарцәа рҭагылазаашьа. Акомпромисс аҳасабала, иҳалалу агәазыҳәара аарԥшра аҳасабала, урҭ доусы рҭаацәа рахь ихынҳәырц ҳҭахуп. Аха убри аан уи иаанагаӡом, ҳара аринахыс ацәгьара зуз, азакәан еилазгаз дарбанызаалак иҵәахра ҳадгылоит ҳәа.
Ҳара даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәаҳҭоит, азакәан алԥшааратә ҟазшьа амамзароуп, уи зегьы ирзеиԥшзароуп, иҳаҩсыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуаз иадҳәаламкәа. Араагьы узызхәыцша ыҟоуп.
Ҳтәыла аҩныҵҟа иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа шыуадаҩу зеиӷьаҟам ала еилаҳкаауеит, уи алҵразы амҩақәа рыԥшааразы иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп. Аоппозициа сара уажәы зыӡбахә сымоу Аԥсны Жәлар Ракзаара Афоруми иарбоу Аиқәшаҳаҭра аус адызулаз сколлегацәеи роуп, макьаназы узлацәажәаша, аус зыдулатәу маҷымкәа иҟоуп. Даара иаҳҭахуп ари ҩаԥхьа баша цәажәараны иҟамлац. Ҳара ҳҳәынҭқарра зҭагылоу аҭагылазаашьа бааԥсы алгара азы аамҭа маҷны иҳамоуп».