Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса рзы Алхратә Комиссиа Хада адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы 12 аԥшьгаратә гәыԥқәа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагеит:
- Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа - алхратә ҭыԥхада №1 ала (Аҳабла Ҿыц);
- Ҭаркьыл Беслан Иван-иԥа - алхратә ҭыԥхада №18 ала (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтәи);
- Кобахьиа Фарид Мизан-иԥа - алхратә ҭыԥхада №17 ала (Лыхнытәи);
- Хашба Ерик Павел-иԥа - алхратә ҭыԥхада №28 ала (Гәыԥтәи);
- Логәуа Асҭамыр Омар-иԥа - алхратә ҭыԥхада №28 ала (Гәыԥтәи);
- Ҵәыџьба Милана Беслан-иԥҳа - алхратә ҭыԥхада №32 ала (Очамчыратәи);
- Мироненко Вадим Николаи-иԥа - алхратә ҭыԥхада №8 ала (Алашарбага Аҳабла);
- Ҭыжәба Константин Андреи-иԥа - алхратә ҭыԥхада №6 ала (Ихадоу);
- Џьопуа Асҭанда Родик-иԥҳа - алхратә ҭыԥхада №29 ала (Ҷлоутәи);
- Чхеиӡе Давид Гурам-иԥа - алхратә ҭыԥхада №4 ала (Аҩадатәи);
- Смыр Ахра Виктор-иԥа - алхратә ҭыԥхада №22 ала (Ешыратәи);
- Нарманиа Наур Геннади-иԥа - алхратә ҭыԥхада №8 ала (Алашарбага Аҳабла).
Зынӡа иахьазы ашәҟәы иҭагалоуп 90 инарзынаԥшуа аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи.