Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 18, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәсанӡа авакцина «Спутник V» (апартиа ҿыц) ала алаҵа ҟарҵеит 3193 – ҩык, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра.
Ԥхынҷкәынмза 30, 2021 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 26, 2022 шықәса рҟынӡа акоронавирусттә ҿкы чымазара «Спутник Лайт» аҟынтәи алаҵа ҟарҵеит 1500 – ҩык.
Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 апандемиа ианалага инаркны апрепарат «Спутник Лайт» ала алаҵа ҟарҵахьеит 6 929 –ҩык.
Аԥсны апандемиа алагьеижьҭеи алаҵа ҟазҵаз рхыԥхьаӡара – 16 622-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра урыстәылатәи апрепарат «Спутник Лайт» апартиа ҿыц ааигәа иаиураны иҟоуп.