Аҟәа. ЖӘабранмза 8, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 720 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 354-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 68 – ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 53 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 38-ҩык апациентцәа, 17-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 9-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –26, - ҩык, 3-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 5 - ҩык апациентцәа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 18 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 89, 64 шықәса зхыҵуаз аҳәса.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 47205 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 39003 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 607- ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.