Аӡеизакырҭа аҭәра алзыршо ааԥынтәи асырӡлеира мацара ауп, аха уи мшаԥымза-лаҵарамза аҟынӡа изыҟаларым. Лассы-лассы иҟало амшцәагьақәагьы, ақәоура, асы алеира, уҳәа, Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара митәык анырра анаҭаӡом.
2021 шықәсазы иалагалаз аԥхынтәи аԥрақәа ирыбзоураны 100 млн кВт/с рҟынӡа аекономиа аҟаҵареи мызкы аҟынӡа аԥкрақәа ралагалара аамҭа ахыгареи алыршахеит, аха уеизгьы иааизакны апроблема аӡбара залмыршахеит.
«Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа акомплекс зынӡа аанкылара аҟынӡа имнеирц азы ҳара афымцамч ахархәаразы иҿыцу аԥкрақәа алаҳгалар акәхеит. Иарбоу аԥкрақәа аҽеиҭанаклар ауеит, уи аӡеизакырҭа аӡы аҭалара иадҳәалахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит АУН «Амшынеиқәафымцамч».
Аԥкрақәа ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭагьы аҵанакуеит, араҟа афымцамч ала аиқәыршәара Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аигарала имҩаԥысуеит. Урҭ иара убас урыстәылантәи афымцамч аҭара уахыки-ҽнаки рзы алимит иахысуа ахархәара аизҳарагьы иадҳәалахеит.
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аашьҭра ала афыицалашарала аиқәыршәара залыршахом. Уи иаанаго афымцамч азоужьразы ишьақәыргылоу уахыки-ҽнаки рзы алимит ҳаракуп, арахь иҟоу афымцамчсистема аужьҭратә лшарақәа уи аҟаҵара алнаршаӡом. Урыстәылантәи иаауа афымцамч ашәагаақәа реизырҳара азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара АУН «Амшынеиқәафымцамч» акомпитенциа иаҵанакӡом, Ареспубликатә Унитартә Наплакы ахаҭарнакцәа урыстәылатәи аган аиҿцәажәарақәа ирылахәхаӡом.