Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АПАРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА АҴЫХӘТӘАНТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АБИУЏЬЕТНҬЫҴТӘИ АФОНДҚӘА ФБА 2022 ШЫҚӘСАЗЫ РБИУЏЬЕТҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 14:18 265

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәанчаҩратә Фонд 2022 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи иааизакны аицҵалыҵ 1  млрд 286 млн  16,2 нызықь мааҭи рҟынӡа ишьақәырӷәӷәоуп.  

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2022 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи иааизакны аицҵалыҵ 166  млн 159,1 нызықь мааҭи рыла ишьақәырӷәӷәахоит.

Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2022 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи иааизакны аицҵалыҵ - 45 млн 500 нызықь мааҭи рыла ишьақәырӷәӷәахоит.

Арепатриациа Афонд 2022 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи иааизакны аицҵалыҵ - 209 млн 308, 1нызықь мааҭи рыла ишьақәырӷәӷәахоит. 

«Афонд ахархәагақәа рҟынтәи инымхӡакәа иаанхаз ацәынха - 100 млн.мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Уи арепатриантцәа рзы анхарҭаҩнқәа рыргылара аанкылара ауп изыхҟьаз, иара убас афонд аԥаратә хархәагақәа рныхра иамоу ахылаԥшра ӷәӷәа иадҳәалахеит, - ҳәа алкаа ҟалҵеит абиуџьет азы акомитет ахантәаҩы, адепутат Натали Смыр.

Уи лажәақәа рыла, арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахықәкытә програмақәа рышьақәырӷәӷәара ҟалаанӡа, анхарҭаҩнқәа рыргыларагьы уахь иаҵанакуеит, урҭ рфинанстәра аартра ахәҭаны иҟаӡам.  

Амҩатә Фонд ахашәалахәқәа ааизакны 115  млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоуп, ахарџьқәа -   119  млн. мааҭ рыла.  4  млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо  адефицит ажьырныҳәамза  1, 2022 шықәса рзы иҟаз ацәынха ала ахарҭәаара азԥхьагәаҭоуп.  

Асоциалтә бгаԥса Афонд ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи иааизакны аицҵалыҵ - 122  млн 816, 9 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.

«Асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Алхас Џьынџьал асанатор-курортә хәышәтәра азы 15 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо афонд аныхтәқәа рыстатиа 5 млн. мааҭ рыла аиҵатәреи, иарбоу аԥаратә хархәагқәа ахәыҷқәа рзы адкыларҭа-еихшарҭа ахь аиагреи рзы ажәалагала ҟаиҵеит.   Ари абиуџьеттә харџьынҵа аҩныҵҟатәи аиҭеихшара ауп, ахашәалатә хәҭа еиԥш аныхтә хәҭеи  уи акала анырра анаҭом», - ҳәа афонд абиуџьет иалагалахо аиҭакрақәа дрылацәажәо алкаа ҟалҵеит Натали Смыр.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 17 Жәабран 2022 15:04