Аҟәа. Жәабранмза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аекономика Аминистрра аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара аиндикативтә план аиқәыршәара азы акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Акомиссиа аусура иалагоит аминистрцәа Реилазаара ала ишьақәырӷәӷәоу иааиуа ашықәс азы Аиндикативтә план ашьақәыргылара иҿыцу Аԥҟара инақәыршәаны. Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп иазеинтересу аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи, иара убас араионқәеи Аҟәа ақалақь Ахадарақәеи рхаҭарнакцәа.
Аилацәажәара аан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган еизаз рахь лхы рханы аекономика аусхкқәа зегьы рҿы аекономикатә рбагақәа ранализ амҩаԥгара шхымԥадатәиу азгәалҭеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план арбагақәа иааиуа афинанстә шықәса азы абиуџьет ашьақәгылара иашьаҭаны иҟоуп, урҭ ԥхынгәымза 1, 2022 шықәса иахымгакәа ахәаԥшразы аминистрцәа Реилазаара ахь инагазароуп.