Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 497 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз 226 -ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 86 – ҩык апациентцәа, 24-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 58 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 42-ҩык апациентцәа, 18-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 21-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –35, - ҩык, 6-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 11- ҩык апациентцәа. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 31 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 71 –шықәса зхыҵуаз ахаҵеи, 70 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 50412 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 42 006 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 635 - ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.