Аҟәа. Жәабранмза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит атәыла аекономикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәа ирызкны. Амшхәаԥштә аҟны иара убас 2021-тәи ашықәс аихшьалақәа ирылацәажәан.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа, Иреиҳау аӡбарҭа, Апрокуратура Хада, Амилаҭтә банк, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура анапхгара, аиҳабыра алахәцәа, ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа.
Аиԥылара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада уажәаԥхьагьы ас еиԥш иҟаз аиԥылара амҩаԥгара игәы ишҭаз, аха аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи егьырҭ амзызқәеи ирхырҟьаны уи шзалмыршахаз азгәеиҭеит.
Атәанчаратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа Афонд 2021 шықәсазы абиуџьет ахашәалақәа рынагӡара атәы дазааҭгылеит. Иара иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иааидкыланы абиуџьет ахашәалақәа аныхтәқәа раасҭа еиҳаны инагӡоуп, уи иартәеит 4.768,9 нызқь мааҭ.
Ишәам ацәынха иартәеит 47 582,7 нызқь мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит атәанчахәқәа ианаамҭо рызшәаразы афинанс азоужьра иаԥырхагоу амзызқәа, ҳтәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаара аӡбара амҩаԥгашьеи атәанчахәы рызшәара аиҿкаашьеи рзы агәынамӡара ааирԥшит.
Ианаамҭоу финансла аиқәыршәара иаԥырхагоу амзыз хада дазааҭгыланы, Денис Гәылариа иҳәеит 2020 шықәса рзы афонд абиуџьет иазԥхьагәаҭаз аԥара нагӡаны ахыԥхьаӡалара шалымшаз аҷыдалкаатә ҭагылазаашьеи COVID-19 иахҟьаны иаалырҟьаны аԥкрақәа ралагалареи инарымаданы. 2022 шықәса рзы атәанчахәқәеи, ацхыраагӡақәеи, ахәцҵақәеи ршәаразы Афонд аҭахрақәа мызкы идыртәоит 101 500,0 мааҭ.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәанчаҩцәа ианаамҭоу аԥара рызшәара аҵак ду шамоу, иара убас рыгәгьы рҽаниҵеит анапынҵақәа анынамыгӡаха амаҵзуратә хаҿқәа хаҭала ирыдҵахо аҭакԥхықәразы.
Анаҩс имҩаԥгоу аусура атәы дазааҭгылеит аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. 2021 шықәса рзы иахыԥхьаӡалоу аҳазалхратә шәатәқәа рырбагақәа идыртәеит 2 млрд. 732 млн. мааҭ, ари 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 577 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәсазтәи аԥара-кредиттә политика анагӡареи, Аԥсны абанктә система аусура алҵшәақәеи ртәы дазааҭгылеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.
Уи дазааҭгыланы иҳәеит, абанк ала имҩаԥысуа аԥаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара ишартәаз ишартәаз 97,6 млрд мааҭ.
Беслан Бараҭелиа иазгәеиҭит ҵыԥхтәи ашықәс азы анапынҵатәи аԥаратә еикәашара аизҳара шазгәаҭаз. Ареспублика абанктә система акассақәа рышҟа инеит 43, 8 млрд мааҭ. 2021 шықәсазы Аԥснынтәи ааигәатәи харатәи анҭыҵтәи атәылақәа рахь ишигаз 9,2 млрд мааҭ.
Иара убас Беслан Бараҭелиа далацәажәеит 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рзы.
Арахь иаҵанакуеит:
- АА АШӘС атерминалтә инфраструктураҟны аимадара ахәԥсашәара атехнологиақәа ралагалара;
- абанктә система арзҩыдаразы аԥхьаҟатәи аусура;
- Fraud-мониторинг асистема аԥҟарақәа реиӷьтәра - амониторинг асистемеи аӷьычратә операциақәа рҿагылара ашәатәтәы хаалагақәа рхархәарала.
2021 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла арбага хадақәа рынагӡара ишартәаз 107,8%.
Ашәахтәтәи егьырҭ ихымԥадатәу ашәатәқәеи рзеиԥш мҽхакы 2021 шықәсазы иартәеит 3 млрдки 400 млн мааҭ.
Еизаку аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара аихшьала иҳаҩсыз ашықәс азы иартәеит 107, 8 процент.
Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи Рминистрра иҳаҩсыз ашықәс азы аусура иазкны аҳасабырба ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқара Ахада Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинансзоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә Программа иадҳәалоу аусура арццакразы адҵа ҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган 2022 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара аҿҳәара арццакразы алшарақәа зегьи амеханизмқәеи рхархәара лнапы ианиҵеит.
«Иалшо зегьы ҟашәҵа аамҭа аԥысразы, уи ишиашоу иахьыԥшуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны аԥхьаҟа ҳаззыҳәо аԥара ацҵаразы ҳалшара. Аус ашәыруы иҳамоу аԥышәеи аимадарақәеи. Сара сганахьала, азҵаара аӡбара напы аласкуеит аамҭа анааилак, аха аԥхьа шәара шәнапы иану аус шәырццакыроуп», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь амҩа хадақәа рыҟны акаҭран ақәҵараҟны зхаҭабзиара ҽеим аусура инамаданы лахьаҭара ҟаиҵеит, иара убас аҭагылазаашьа арҽеирагьы рнапы ианиҵеит.
«Анардадкылаҩ акаҭран ақәҵараҟны зхаҭабзиара ҽеим аусура инамаданы аҭагылазаашьа имырҽеир, иқәнага дақәыршәатәуп.
Инагӡам ма иҽеимкәа инагӡоу аусура мҩаԥызгаз ауаа ыҟоуп, урҭ ҳара иаҳдыруеит. Уснагӡатә хаданы иҟоуп ҿҳәара кьаҿла аусура арҽеира. Анардадкылаҩцәа ирыдышәҵа абас зхаҭабзиара бааԥсу аусура мзызс иамоу аҳәаразы шәыхьӡала аилыркаагатә рҩырц. Хылаԥшра ашәҭ!», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Инарҭбаау аусуратә еилатәараҟны ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәагьы.