Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лугансктәи Жәлартә Республика Ахада Леонид Иван-иԥа Пасечник ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны, ахәҭакахьла иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иԥа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Лугансктәи Жәлартә Республика Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуыз ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара.
Лугансктәи Жәлартә Республика атәылауаа рзы лахьынҵаӡбаганы иаҟалаз Урыстәыла иаднакылаз аҭоурыхтә ҵакы змоу азыӡба, аҳәынҭқарратәра ашьақәыргылареии аҿиареи рзы хаҭабзиарала иҿыцу аамҭа иазҳәоуп.
Аибашьра ду зхызгаз Аԥсны жәлар, даҽаӡәы еиԥшымкәа еилыркаауеит Лугансктәи Жәлартә Республика ауааԥсыра рыдгьыл гәакьа аизҳазыӷьаразы ирымоу агәазыҳәара.
Ҳаҭыр зқәу Леонид Иван-иԥа, абри аҭагылазаашьа схы иархәаны, Лугансктәи Жәлартә Республика иқәынхо ауааԥсырагьы Шәаргьы Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».