Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Урыстәылатәи Афедерациа ала Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рсуверенитети рхьыԥшымреи разхаҵара инамаданы ДЖәр Жәлар Реизара Ахантәаҩы Владимир Бидиовкеи ЛЖәР Жәлар Реизара Ахантәаҩы Денис Мирошниченкои рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәа ишьҭит.
Жәабранмза 21, 2022 шықәса Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рыжәларқәа рҭоурых аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәқәа рҿы.
Аԥсны агәра ганы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациа ала Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҳәынҭқарратә суверенитети рхьыԥшымреи разхаҵара ареспубликақәа ршәарҭадара арӷәӷәареи иҭышәынтәаланы рыҿиареи иацхраауеит, Аԥсни Донбасси ирыбжьоу аиҩызаратәи аусеицуратәи еизыҟазаашьақәа хра злоу аҿиара роуеит.
Валери Кәарҷиа ДЖәР, ЛЖәР рыжәларқәа аҭынчреи, аизҳазыӷьареи ашәҭыкакаҷреи рзеиӷьаишьеит.