Аҟәа. Жәабранмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Урыстәылатәи Афедерациа ала Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рсуверенитети рхьыԥшымреи азхаҵара иадгылоит.
«Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҳәынҭқарратә суверенитети рхьыԥшымреи разхаҵара азы идикылаз аӡбамҭа азакәантә ҵаҵӷәы змоу, ииашоу шьаҿаны иҳаԥхьаӡоит, инагӡангьы ҳадгылоит.
Ареспубликақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьқәа анаҩстәи рыҿиара атәыла анапхгара аҩаӡараҿы иалацәажәоит. Ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара ахырхарҭақәа рзы ареспубликақәа рхаҭарнакцәа рыҿцәажәара ҳазхиоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.