Иахьа ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит злахьынҵа Аԥсадгьыл амаҵ аура, атәыла ахьчара иадызҳәалаз, аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчара зхы ақәызҵаз зегьы. Жәабранмза 23 агәымшәареи апатриотизмреи, афырхаҵареи, аҭакԥхықәреи символра рзызуа жәларбжьаратәи ныҳәоуп. Ари амш аҵак ду амоуп аҭынч ԥсҭазаараҿы атәыла аизҳазыӷьаразы аџьа збо, уи ахьчара иазхиоу рызгьы.
Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәыдыскылар сҭахуп иреиӷьу азеиӷьашьарақәа Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар - аизҳазыӷьара.»