Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АСЛАН БЖЬАНИА: ЖӘАБРАНМЗА 23 АФЫРХАҴАРЕИ, АГӘЫМШӘАРЕИ, АРРАТӘ ԤХЫҚӘРЕИ, АПТРИОТИЗМРЕИ ИРСИМВОЛНЫ ИҞАЛЕИТ.

Ахаша, 23 Жәабран 2022 11:27 222

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭкахьала иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, Арбџьар Мчқәа хаҭалатәи реилазаара, Аԥсны  Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы!

Ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имшныҳәа. Жәабранмза 23 афырхаҵареи, агәымшәареи, арратә ҧхықәреи, апатриотизмреи ирсимволны  иҟалеит. Хашҭра зқәым арҭ хра злоу аҟазшьа ҷыдақәа мырӡкәа, абиԥарацыԥхьаӡа еимдо иааргоит. Иахьа ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит арра маҵзура зыԥсҭазаара азызкыз, ҳтәылауааи ҳҳәынҭқарреи рҭынчра, ршәарҭадара зыхьчо аруаа. Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш аҽны адныҳәаларақәа рыдыркылоит зегьы, Аԥсадгьыл ахақәиҭра иазықәԥоз, уи аизҳазыӷьара есҽны иазааԥсо.

Аԥсны жәлар   Аԥсадгьыл ахьчаразы игылоу рҵеицәа ирызгәдууп, аҭынчреи Аԥсадгьыл аԥхьаҟатәи аԥеиԥши зхы рықәызҵаз рыхьӡ ахааназы ирхашҭуам.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, абри аныҳәамш азы  ҩнаҭацыԥхьаӡа ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра анасыԥ".

Last modified on Ахаша, 23 Жәабран 2022 17:48