Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Алхас Џьынџьал иахьа имҩаԥысыз Апарламент аилатәараҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы арепатриациеи адемографиеи Рминистрраны аҟаҵаразы ажәалагала ҟаиҵеит.
«Ҳара Аслан Гьаргь-иԥа иахь ас еиԥш ааԥхьара аҟаҵара аԥшьаҳгеит. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы акры аамҭа иалагӡаны иҳабжьаз аусеицура ашьҭахь, иарбоу Аилак ааигәанӡа иамаз Аминистрра астатус ҩаԥхьа иазырхынҳәтәуп ҳәа жәаҳәарада еилкаахеит», - ҳәа иҳәеит Алхас Џьынџьал.
Ахәҭакахьала, адепутат Ҭаифун Арӡынба, Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахадас даналырх ашьҭахь ари азҵаара ала ишидҵаалахьаз, иаргьы уи дшазхәыцуа азы агәра шыдиргаз еизаз иргәалаиршәеит. «Уи нахыс имаҷымкәа аамҭа цахьеит, иҟалап иара ари азҵаара дазхәыцхьацзаргьы», - ҳәа иҳәеит Ҭаифун Арӡынба.
Абыжьқәа реиҳарак ала Апарламент аҿы иарбоу ааԥхьара рыдыркылеит.