Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНЫ АЕКСКУРСИАҚӘА РЫМҨАԤГАРАЗЫ АЗИН ЗМОУ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА РОУП.

Аԥшьаша, 24 Жәабран 2022 12:51 229

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа атуризм аусхкы иадҳәалоу азакәанԥҵаратә усшәҟәқәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи аларгалеит.

Ирыдыркылаз аиҭакрақәа инарықәыршәаны: Аԥсны аекскурсиақәа рымҩаԥгара азы азин змоу Аԥсны атәылауаа роуп;

Аттестациа ада, мамзаргьы аттестациа аԥҟарақәа реилагарала аус зуа ахараԥса рықәҵахоит;

Хазхаҭалатәи ахаҿқәа рзы - 300 аулафахәы еиҵаӡоу ашәагаақәа, аиуристтә хаҿқәа рзы – 500 аулафахәы еиҵаӡоу ашәагаақәа;

Аилагара административтә лахьаҭара ашьҭахь фымз рыҩныҵҟа уи еиҭа аҭыԥ аиур, усҟан ахараԥса ҩынтәны еизырҳаны идыршәахоит..    

 

Last modified on Ахәаша, 25 Жәабран 2022 21:22