Уи инааҵшьны иҳәеит, НАТО ҳҳәаақәа рзааигәахара иахьалагаз аҟнытә Урыстәыла ашәарҭадара ахьчара адагьы, аашықәса раахыс агәаҟра иҭагылоу Донбасс ауааԥсыра рыхьчара мзыз хаданы ишыҟоу.
Максим Литвинов иазгәеиҭеит, абри аамҭа зегьы мраҭашәаратәи атәылақәеи Киеви еилых ҟамҵакәа, аҭынч уааԥсыра рганахьала Украина арбџьар мчқәеи амилаҭтә баталионқәа ҳәа изышьҭоуи рыҟнытә амч ахархәара афактқәа мап шацәыркуаз.
«Урҭ Донбасс иҟаҵәҟьаз аҭагылазаашьа еицаркырц иаҿын Киев ирыланаҳәоз афактқәа роуп ииашоуп ҳәа азгәаҭаны. Мраҭашәара, аиаша ҳҳәозар, имҩаԥысуаз аибашьратә цәгьоурақәа ирыдгылоит",- ҳәа иҳәеит адипломат. Уи иажәақәа рыла, «ари ҳара иаҳгәаланаршәоит 30 шықәса рышьҭахьгьы мраҭашәаратәи аполитикцәа мап зцәыркуа, рыбжьгьы зықәдмырго Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа. Ас еиԥш иҟоу ацәалацәажәара иахҟьаны аԥсуа жәлар ахәҭакала жәларбжьаратәи ауаажәларра иалкны иҟоуп, Украина акәзар, аибашьра цоит».
Урыстәыла аусқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Аамҭалатәи агәрага иазгәеиҭеит, «Еиду Америкатәи Аштатқәа зхадараҿы иҟоу мраҭашәара, жәларык зеиӷьыҟам ауп ҳәа иԥхьаӡаны, егьырҭ ажәларқәа тәамбашақә ирызнеиуанаҵ, сара схада ишиҳәаз еиԥш, иаԥнаҵаз амц империа ООН аҿы, иара убас аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара иазку егьырҭ жәларбжьаратәи афорумқәа рҿы ԥыжәара аманаҵы, ҳарҭ есааира ана-ара иҿыцу аимакқәа ҳазцәырҵлоит Аԥсны, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Донбасс, иара убас ԥасатәи Иугославиа рыҟны ишыҟаз еиԥш» ҳәа.
«Ҳара ҳгәыӷуеит Урыстәылатәи Афедерациа ирыланаҳәаз ахықәкқәа рынагӡара алыршахоит ҳәа излауала иреиҵаӡоу ацәыӡқәа рыла. Ҳара аринахысгьы, иҳалшо ала, ДЖӘР-еи ЛЖӘР-еи ртәылауаа агуманитартә цхыраара рыҭара ҳазхиоуп. Ҳара ари аҩыза ҳхаҳгахьеит азы ибзианы еилаҳкаауеит ажәлар зҭагылоу, инарҵаулангьыы ҳазнеиуеит», ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аиԥылараан Максим Литвинов Аԥсны Ахада ииҭеит Донбасс ауааԥсыра 2014 шықәса раахыс изҭагылаз агәаҟра зырҵабыргуа афактқәа реизга.