Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АԤСНИ НИКАРАГУЕИ АҴАРАДЫРРА, АКУЛЬТУРА, АСПОРТ, АҾАРТӘ ПОЛИТИКА РУСХКҚӘА РГАНАХЬАЛА АУСЕИЦУРА АҾИАРА ИАЗХИОУП.

Ахаша, 09 Хәажәкыр 2022 21:15 227

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны адәныҟатәи  аусқәа Рминистрра  аҿы аҵара, акультура, аспорт, аҿартә политика русхкқәа рганахь ала аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсни Никарагуеи рыбжьара авидеоконференциа мҩаԥысит.

Аԥсуа ган ахь ала ауснагӡатә иалахәын: адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиа, аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Мадина Воуба, Аԥсны ААР Латинтәи Америкеи, Азиеи, АТР-и р-Департамент аиҳабы Мадина Зыхәба, Аԥсны ААР акультуратә еимадарақәа рзы акоординатор Сариа Џьопуа.

Никарагуатәи аган ахь ала ауснагӡатә иалахәын: Никарагуа ахада Иусбарҭа ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы абжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильо, Никарагуа ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Арлетт Маренко Меса, Никарагуатәи акультура аинститут (INC) ацдиректор Луис Моралес, Аҵара азҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Сальвадор Ванегас, Рубен Дарио ихьӡ зху Амилаҭтә театр адиректор хада Рамон Родригес, Сандинисттә ҿар ркоординатор Милтон Руис, Акультуратә еиҿкаара анапхгаҩы Леонелиа Ругама Оскар Перес.

Аиԥылараан ирылацәажәан абҵарамзазы ишьақәдырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны Аминистррақәа рыбжьара иҟоу аусеицура.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсны-никарагуатә еизыҟазаашьақәа рҵакы шдуу, аҩ-тәылак рыбжьара ишышьақәгылаз аиҩызара ӷәӷәа, агәреибагара, аҳаҭыреиқәҵара.

Одиссеи Бигәаа иазгәеиҭеит аԥсны-никарагуатә политикатә диалог аҿиара шамоу, аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра акәзаргьы апроект ҿыцқәа рыла ишхаҭәаауа. Аусураҟны ишьаҿа ҿыцны иҟалаз Никарагуа Аԥсны Уи иара убас Ацҳаражәҳәарҭа аартрагьы хра змоу усны ишыҟалаз азгәеиҭеит.

Аиԥылараан абҵарамзазы ишьақәдырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи аплан инақәыршәаны Аԥсни Никарагуеи рыжәлар ринтересқәа рынагӡаразы аҩ-ганктәи аусеицура еиҳа-еиҳа аҿиара шаиуо азы агәыӷра ду аарԥшын.

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Хәажәкыр 2022 14:47